Аԥсны

Азинхьчаратә усбарҭақәа алархәны Аминистрцәа реилазаараҿы ааилатәара мҩаԥысит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Атәыла ахада ин.н. Валери Бганба азинхьчаратә усбарҭақәа анапынҵа риҭеит алхратә закәанԥҵара аилагара азы иҟоу ашшыбӷьыцқәа рҭак аҟаҵаразы.
Иахьа Бганба ашәарҭадара аусбарҭақәа рнаԥхгаҩцәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит.
Уаҟа ирылацәажәеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рзы" Азакәан ақәныҟәара ахылаԥшра.
Уаанӡа, Аԥсны Алхратә комиссиа хада ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рахь аҳәара ҟанаҵахьан, атәыла ахада иалхрақәа раламҭалази алхрақәа амш аҽни алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы ашәарҭадара аиҿкааразы.
Алхратә комиссиа хада иара убасгьы аҳәара ҟанаҵеит, алхратә комиссиақәа рылахәцәа мҩаԥыргарц абжьыҭара алҵшәақәа рзы апротоколқәа иреиҳау акомиссиақәа рахь рышьҭраан.
Аԥсны ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит жәабран 15 рзы.