АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Даҽа а́зҵаарак аихшьаалақәа идырҵабыргуеит Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы иалыркааз аҽшамԥсахуа.
ИНСОМАР адыррақәа рыла аԥхьагылара имоуп Бадра Гәынба. Иара изын абжьыҭара иазхиоуп 41% изызҵааз рҟынтәи.
Аҩбатәи аҭыԥ аҿы дыҟоуп Адгәыр Арӡынба — 33% рыла.
Роберт Аршба — 12%, Олег Барцыц — 5%, Адгәыр Хәырхәмал — 2%.
Ари Аԥсны азакәан инақәыршәаны азин змоу аҵыхәтәантәи аҭҵаара алҵшәақәа роуп. Гәынба аԥхьагылара шимоу шьақәдырӷәӷәеит а́зҵаарақәа мҩаԥызгаз асоциалогиаҭә маҵзурақәа зегьы.
Аԥсны ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит жәабран жәохә рзы.
ИНСОМАР представил результаты исследования среди жителей Абхазии
© Foto / ИНСОМАР