Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа Аԥсны амедицинатә цхыраара шеиҿкаау ҭырҵааит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Чазов ихьӡ зху амилаҭтә медицинатә акардиологиатә центр адиректор хада Сергеи Боицов зхадараҿы дыҟоу Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа Аԥсны амедицинатә цхыраара шеиҿкаау ҭырҵааит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс" амаҵзура.
Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы урҭ адкыларҭақәа, акардиологиеи атерапиеи рыҟәшақәа, адатә хирургиа аҟәша, ареанимациеи анестезиологиеи рыҟәшақәа гәарҭеит.
Аекспертцәа иара убасгьы арегионалтә датә центр аиҿкаареи ангиограф ашьақәыргылареи рзы аҭыԥ гәарҭеит.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Сергеи Боицови Аҟәатәи 2-тәи ақалақьтә хәшәтәырҭа аҳақьымцәа русушьа рбеит.
"Ҳара ҳус хадақәа иреиуан агәы-датә чымазарақәа раан ацхыраара аҟаҵара асистема анаҩстәи аҿиара алшарақәа рыхә ашьара, арахь иаҵанакуеит амиокарда аинфаркт ӷәӷәақәа, ахшыбаҩ-шьеикәыршара аилагарақәа, агәы-датә хирургиа аҿиара. Уи азы изыцҵоу аӡбрақәа рыдкылара аҭахуп, урҭ уажәы ҳрыхәаԥшуеит. Анагӡара иазырхоу ажәалагалақ́әа рхианы иҳамоуп", — иҳәеит Боицов.