Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Аԥсны АОҶ цоижьҭеи 700 тонна инареиҳаны агуманитартә цхыраара ашьҭхьеит

Аполитикатә усзуҩ иҳәеит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа рзы еиԥш АОҶ аветеранцәа рзгьы ареспубликаҿы альготақәа ралагалара хымԥадатәиуп ҳәа агәаанагара шимоу.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Арратә операциа ҷыда цоижьҭеи Аԥсны урыстәылатәи аруаа 700 тонна инареиҳаны агуманитартә цхыраара рзынанашьҭхьеит.
Ари аидара аԥсуа уаажәларра зегьы еиҿыркаауан ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.
"Ҳара абзиара ҳхашҭӡом. Сара ҳтәылауаа Арратә операциа ҷыда ралахәхара садгылоит. Ибзианы иаҳгәалашәоит Аԥсны аҳәаақәа хьчо 100-ҩык инареиҳаны урыстәылатәи асолдаҭцәеи афицарцәеи шҭахаз".
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа рзы еиԥш АОҶ аветеранцәа рзгьы ареспубликаҿы альготақәа ралагалара хымԥадатәиуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба Аԥсуа телерадиоеилахәыра аинтервиу аиҭеит.