Очамчыра араион аҿы иҟоуп 26 школ. Аҵараҟәша абаланс аҿы иқәгылоуп автобусқәа 20, еиҳа х-машьынак ргоит қьырала. Гындиа иажәақәа рыла иԥсахтәу автобусқәа ыҟоуп.
"Аҵарашықәс аԥхьа автобусқәа зегьы агәаҭарақа ирхысуеит. Даара аԥара зго усуп уи. 15 шықәса уахгьы-ҽынгьы иныҟәахьоу ыҟоуп. Ашколхәыҷқәа рымҩангара адагьы, ма аекскурсиахь иҳашьҭуеит, ма атеатр ахь. Аԥсҟы зку амашьынақәа ирыҵоуп, иагу-иабзоу иаҿуп. Иахьа Мықәтәи автобус аанкылеит. Амза аҩныҵҟа ҩынтә иҟаҵан амашьына, уаҳа алшом, иажәит", - иҳәеит Гындиа.
Убри аан ақыҭақәа, Ачгәара, Џьал, Оҭаԥ ирымаӡам автобусқәа, иазгәеиҭеит Гындиа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.