Аԥсны

Бганба Афинминистрра адҵа аиҭеит абиуџьеттә система аныхрақәа азинҭараз еиқәшаҳаҭхаларц

Sputnik
АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Аԥсны Афинансқәа рминистрра анапы ианҵоуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны абиуџьеттә система аныхрақәа рзы азинҭара аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иақәшаҳаҭрала имҩаԥгалазарц .
Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо адҵа инапы аҵаиҩит, аԥарақәа еиҳа хра рыланы ахархәареи ахылаԥшра арӷәӷәареи хықәкыс иҟаҵаны. Иара амч амазаауеит 2025 шықәса хәажәкыра 31 рҟынӡа.
Абарҭ аныхрақәа роуп излацәажәо:
арҽира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа;
аиқәыршәазаара;
ахархәага хадақәа раахәара,
адәныҟатәи аҭакԥхықәрақәа рзы ашәарақәа;
ахаҭарнакратә харџьқәа;
Аԥсны аӡбарҭақәа рыӡбарақәа рыла аҳәынҭқарра иаду ауалԥшьақәа рзы ашәарақәа.