АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Урыстәыла Аԥсны абиуџьет аусзуҩцәа рҿаԥхьа ахахьы иагаз афинанстә ҭакԥхықәрақәа зегьы ашәоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аполитик Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Афинансқәа рминистр Антон Силуанови иареи реиҿцәажәарақәа рышьҭахь.
Урыстәылантәи афинанстә цхыраара еиҭахацыркхоит, ҳәара аҭахума, зықьҩыла ҳтәылауаа уи рныруеит иҳәеит иара.
"Зегь раԥхьаӡа иргыланы, ҳара ауаа рҿаԥхьа иҳамоу аҭакԥхықәрақәа ҳрызҿлымҳахоит", - иҳәеит Силуанов уаанӡа иазгәаҭаз апланқәа шынагӡахо шьақәырӷәӷәо.
Иара убас, аганқәа афинанстә усеицура арӷәӷәареи ахәаахәҭреикәшара аизырҳареи ирылацәажәеит.
"Аекономикатә усхк аҿы апроектқәа рацәаны иҳамоуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылатәи аминистр.