АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Урыстәыла Алхратә комиссиа хада аиҳабы Елла Памфиловеи Урыстәыла иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы ареспублика ахада иалхрақәа раан абжьыҭара аиҿкаара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Памфилова ишьақәлырӷәӷәеит акомиссиа аԥснытәи рколлегацәа иахьынӡалшо аиҿкааратәи атехникатәи цхыраара рыҭара ишазхиоу ҳәа аанацҳауеит адипломатиатә хаҭарнакра апресс-маҵзура.
Аԥсны ахада заанаҵтәи иалхрақәа жәабранмза 15 рзы имҩаԥысуеит. Урыстәыла инхо Аԥсны атәылауаа рзы алхратә ҭыԥқәа ҩба аартхоит – Москвеи Черкесски.