АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Урыстәылеи Украинеи арратә тҟәацәа еиҭнырыԥсахлеит.
150-ҩык украинатәи аибашьцәа рцынхәрас Киев урыстәылатәи аибашьцәа 150-ҩык рырҭеит. Урҭ уажәы Беларусь иҟоуп, хара имгакәа Урыстәылаҟа иргоит ареабилитациа иахысразы.
Аимдарақәа раан абжьаҟазара руит Еиду Арабтәи Аемиратқәа.