АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Владимир Путин хаҭала Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рыхьчара мацара акәымкәа, урҭ хра злоу рырҿиаразы адҵа ықәиргылеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко аԥсуа политик Бадра Гәынба иԥылараан.
Аганқәа рылацәажәеит Аҟәа аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡара, Аԥсны аенергетикатә усхк адгылара, агәабзиарахьчара аҿиара уҳәа убас егьырҭгьы.
"Арҭ зегьы Урыстәыла ахада Владимир Владимир-иԥа Путин иҟынтәи напынҵақәоуп. Аиашазы, ҳҿаԥхьа аиқәырхара мацара акәымкәа, хра злоу аҿиара аиқәыршәаразы ахықәкы ықәиргылеит. Сгәы иаанагоит ҳазегь ҳаидгылан ари ахықәкы анагӡара ҳалшап ҳәа", — иҳәеит Кириенко.
Гәынба Урыстәыла иҟанаҵо адгыларазы ҭабуп иҳәеит.
"Ҳара еснагь ҭоурыхла, доуҳала, культурала ҳаидҳәалан, жәаҳәарада, ҳара ҳзы ихадароу арҭ аизыҟазаашьа аус бзиақәа рыла аиқәырхара ауп", – иҳәеит Бадра Гәынба.