АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Риҵа иӡыз Урыстәыла атәылауаҩ иԥшаара аанкылоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аиҳабы Саид Ҷаноӷлы.
"Аиқәырхаҩцәа ирбаз ашьҭақәа, ҳара ҳгәаанагарала иӡыз ауаҩы итәуп, урҭ ақалақь ахь укылыргоит. Аҷкәынцәа аӡиа ахыхь зегьы ҭырҵаахьеит. Риҵа ахахьы асы рацәаны ишьҭоуп, уахь ауаҩы днеиртә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Алексеи Берестениов аӡиа ахаҭа ааигәара дрымбаӡеит, иара убасгьы аҭыԥантәи акрыфарҭақәа рахь дымнеиӡеит ҳәа иҳәеит аиқәырхаҩ.
"Уаҟа ауаҩы дҟьалар ахьалшо ҭыԥӡам. Аԥшаарақәа аанкылоуп, аха иаҭаххар ҩаԥхьа ҳрылагоит. Иара дахьынхоз ихатәы маҭәақәеи идокументқәеи аанижьит, уажәы амилициа аусеилыргара мҩаԥыргоит. Ҳаԥхьаҟа ҳацхыраара аҭаххоит ҳәа ргәы иаанагозар, адырра ҳарҭоит, ҳара иаразнак уи ҳхы алаҳархәуеит", — ҳәа иҳәеит Ҷаноӷлы.