АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Урыстәыла азхиоуп уаҵәыцәҟа Аԥсны афымцалашарала аиқәыршәара ахацыркра ҳәа иҳәеит Урыстәыла Аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчак Аԥсны аполитикатә усзуҩ Бадра Гәынба иԥылараан.
Евгени Грабчак иазгәеиҭеит Гәынба Урыстәыла иаҭаара аҵак ду шамоу. Иара иажәақәа рыла, 2024 шықәса абҵарамзазы зымҽхак ду аенергокризис аналага нахыс раԥхьаӡа акәны афымцалашарала аиқәыршәара иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәаразы алшара шыҟоу.
"Ҳара еилаҳкаауеит Аԥсны ауааԥсыра афымцалашара адефицит рызцәырҵыр шахәҭам, убри аҟнытә ҳара ҳазхиоуп Аԥсны афымцалашара аҿиара иадҳәалоу ахырхарҭақәа зегьы рылацәажәара", — ҳәа иҳәеит Грабчак.
Бадра Гәынба урыстәылатәи анаԥхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит, агәуманитартә фымцалашара иҳауаз ацҵаразы уаанӡа иҟаиҵаз ацхырааразы аҳәара иахьахаҵгылаз.
"Ҳара иаадыруеит, ҳтәыла иаҭаз афымцалашара амҽхак нҵәоит, иуадаҩу аҭагылазаашьа ҳаназхәыцуа, шәара, Урыстәылатәи ҳколлегацәа, ҳтәыла еиԥҟьарада фымцалашарала аиқәыршәаразы адгылара ҟашәҵарц азы ааԥхьара ҟасҵоит", — ҳәа иҳәеит Аԥснытәи аполитик.
Грабчак агәра ииргеит, ари азҵаара атехникатә ган ала ишыӡбаз, Урыстәыла алашара аашьҭра аиҭашьақәыргылара ишазхиоу.
"Уаҵәы инаркны, ҳара ҳазхиоуп Аԥсны атәылауаа зегьы ԥкрада афымцалашарала реиқәыршәара", — ҳәа иҳәеит иара.
Гәынба иҳәеит агәыӷра шимоу, ареспублика ауааԥсыра ԥкрада афымцалашарала реиқәыршәара шалыршахо азы.
"Ҳара ҳақәгәыӷуеит, Аԥсны анапхгара аформалтә усқәа зегьы ишрықәныҟәо. Уи ҳара алшара ҳанаҭоит уажәы ҳара ҳазқәшаҳаҭхаз, атәыла ауааԥсыра афымцалашарала реиқәыршәараз анашьҭра ахацыркра", — ҳәа иҳәеит Грабчак.