АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Урыстәыла азхиоуп Аԥсны ацхыраара аҭара "Урыстәыла аԥхьагылаҩцәа" еиԥш иҟоу аҿар разыҟаҵаратә программа алагаразы. Абри азы адырра ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥснытәи аполитикатә усзуҩ Бадра Гәынбеи иареи реиԥылараан.
Сергеи Кириенко игәалаиршәеит, 2018 шықәсазы Урыстәыла ахада "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" ҳәа аҿар рзы иҷыдоу аплатформа шаԥиҵаз. Ишыҟоу аа-шықәса инареиҳаны қәҿиарала аус зуа апроектқәа.
"Ҿырԥштәыс иаагозар, аицлабра "Урыстәыла аԥхьагылаҩцәа" аҿы аԥхьахә згаз афедералтә министрцәас, араионқәа рхадацәас, агубернаторцәас, ақалақьқәа рхадацәас, аминистрцәа рхаҭыԥуаас, иреиҳау урыстәылатәи аҳәынҭқарратә наплакқәа рнаԥхгаҩцәа раҳасабала аус руеит", — ҳәа иҳәеит иара.
Бадра Гәынба ас еиԥш апроект Аԥсны азҿлымҳара шаиуо азгәеиҭеит.
"Сара исҭахуп ас еиԥш иҟоу апроект Аԥсны иҟалар. Издыруеит, аҿар аусурахь рыдкылара конкурсла еиҳа алҵшәа бзиа шаиуо. Убри аганахьала, исҭахуп Урыстәыла аус зуа апроектқәа рметодиказ адгылара ҳашәҭарц", — иҳәеит бадра Гәынба.