АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны аҩнеихагыла ду ахыбра амца дырцәеит ҳәа иҳәеит Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.
"Аҩнеихагыла аҭуани алаӷәратә хәҭаки блит. Амца арцәараан ауадақәак аӡы рыҩнамлакәан иҟам", — иҳәеит иара.
Амца дырцәон амцарцәаратә гәыԥқәа хәбеи ҩажәаҩык рҟынӡа аиқәырхаҩцәеи. Амцакра зыхҟьаз макьана ишьақәыргылаӡам.