АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак афымцамҩангагаҿы иҟалаз амашәыр иахҟьаны лашарада иаанхеит ҳәа Sputnik иазеиҭаиҳәеит Аҟәатәи афымцаҳақәа рынџьныр хада Алексеи Строчан.
"Аҳабла ҿыц, Чалмаз имҩаду актәи ахыкәшаҿы акабель ааха аиуит. Аҭыԥаҟны аусбарҭа аус ауеит", — ҳәа иҳәеит иара.
Уаанӡа, "Амшынеиқәафымцамч" адырра ҟанаҵахьан абҵара 1 рзы Аԥсны иалагалаз афымцалашаразы аԥкрақәа зегьы шаԥыху жәабран 7 рзы.