АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Жәабран 7 асааҭ 00:00 инаркны, атәылаҿы афымцалашаразы иалагалаз аԥкрақәа зегьы аԥыхуп ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
"Ареспублика аенергосистема ишахәҭоу еиԥш аус ауеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аԥсны алашара арцәара аамҭеихша алагалан абҵара 1 2024 шықәсазы.