АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳақьымцәа ҿыц ииз аӡҟы Аԥснынтәи Шәачаҟа дыргеит, абри атәы иҳәеит Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистр Евгени Филиппов ихатәы Telegram-канал аҟны.
Аҷкәын хәыҷы диит жәабран 5 рзы Аҟәатәи ахшараиурҭаҿы амгәарҭаҿы ицәырҵыз арыԥҳатә патологиа иманы.
Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко идҵала Шәачантәи амҩа иқәлеит анестезиологиа-реанимациатә бригада рыцны. Ахәыҷы игара маншәаланы имҩаԥысит, иара уажәы иахәҭоу ацхыраара зегьы ирҭоит.