Аԥсны

Кравцов: Аԥсны ирымоу ҩ-бызшәак рыла аҵарарҵара аԥышәа Урыстәылагьы ахархәара аиур алшоит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Аԥсны ирымоу ҩ-бызшәак рыла аҵарарҵара аԥышәа Урыстәылагьы ахархәара аиур алшоит. Абри атәы иҳәеит Урыстәыла аҵара аминистр Сергеи Кравцов, Пиатигорск Адыррақәа рцентр "Машук" аҿы Урыстәылеи Аԥсни рҵарадырратә системақәа реимадара иазкыз алекциаҿы.
"Аԥсны ҩ-бызшәак рыла аҵараиура аганахьала аԥышәа бзиа амоуп. Иҟоуп ҳаргьы ҳхы иаҳархәар зылшо аусмҩаԥгатәқәа. Убри аҟнытә, Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҳара ҳтәылеи рыбжьара абри ахырхарҭала аимдарақәа, сара сгәанала, ахәыҷқәеи ҳҵарадырратә системеи рзы даара ихәарҭоуп", — ҳәа иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа аминистр.
Аԥсны
Даҽа 60-ҩык Аԥсны арҵаҩцәеи ашкол адиректорцәеи аҭааит Урыстәыла Адыррақәа рцентр "Машук"
Жәабран 6-9 рзы Адыррақәа рыцентр "Машук" аҿы Аԥсны арҵаҩцәеи ашколқәа рдиректорцәеи рзанааҭеизырҳаразы апрограмма мҩаԥысуеит. Уи алыршахеит Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко идгыларала, Бадра Гәынбеи иареи реиԥылара ашьҭахь.
Аԥсны
Кириенко Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза лаҵарамза акынӡа аусура иаларгатәуп иҳәеит