https://sputnik-abkhazia.info/20250208/kravtsov-asny-irymou--byzshak-ryla-aararara-aysha-urystylagy-akharkhara-aiur-alshoit-1053677064.html
Кравцов: Аԥсны ирымоу ҩ-бызшәак рыла аҵарарҵара аԥышәа Урыстәылагьы ахархәара аиур алшоит
Кравцов: Аԥсны ирымоу ҩ-бызшәак рыла аҵарарҵара аԥышәа Урыстәылагьы ахархәара аиур алшоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Аԥсны ирымоу ҩ-бызшәак рыла аҵарарҵара аԥышәа Урыстәылагьы ахархәара аиур алшоит. Абри атәы иҳәеит Урыстәыла аҵара аминистр Сергеи... 08.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-08T14:30+0300
2025-02-08T14:30+0300
2025-02-08T16:29+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/08/1053675982_0:280:1280:1000_1920x0_80_0_0_3cb23412ef57e76855bcd70c2bf09d8c.jpg
АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Аԥсны ирымоу ҩ-бызшәак рыла аҵарарҵара аԥышәа Урыстәылагьы ахархәара аиур алшоит. Абри атәы иҳәеит Урыстәыла аҵара аминистр Сергеи Кравцов, Пиатигорск Адыррақәа рцентр "Машук" аҿы Урыстәылеи Аԥсни рҵарадырратә системақәа реимадара иазкыз алекциаҿы. Жәабран 6-9 рзы Адыррақәа рыцентр "Машук" аҿы Аԥсны арҵаҩцәеи ашколқәа рдиректорцәеи рзанааҭеизырҳаразы апрограмма мҩаԥысуеит. Уи алыршахеит Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко идгыларала, Бадра Гәынбеи иареи реиԥылара ашьҭахь.
https://sputnik-abkhazia.info/20250208/daa-60-yk-asny-aratsei-ashkol-adirektortsei-aaait-urystyla-adyrraa-rtsentr-mashuk-1053675471.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250201/kirienko-aati-aairbaaza-laaramza-akyna-ausura-ialargatup-ieit-1053579944.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/08/1053675982_0:160:1280:1120_1920x0_80_0_0_98eee79d4efee45af1325770e565a32d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Кравцов: Аԥсны ирымоу ҩ-бызшәак рыла аҵарарҵара аԥышәа Урыстәылагьы ахархәара аиур алшоит
14:30 08.02.2025 (ирҿыцуп: 16:29 08.02.2025) АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Аԥсны ирымоу ҩ-бызшәак рыла аҵарарҵара аԥышәа Урыстәылагьы ахархәара аиур алшоит. Абри атәы иҳәеит Урыстәыла аҵара аминистр Сергеи Кравцов, Пиатигорск Адыррақәа рцентр "Машук" аҿы Урыстәылеи Аԥсни рҵарадырратә системақәа реимадара иазкыз алекциаҿы.
"Аԥсны ҩ-бызшәак рыла аҵараиура аганахьала аԥышәа бзиа амоуп. Иҟоуп ҳаргьы ҳхы иаҳархәар зылшо аусмҩаԥгатәқәа. Убри аҟнытә, Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҳара ҳтәылеи рыбжьара абри ахырхарҭала аимдарақәа, сара сгәанала, ахәыҷқәеи ҳҵарадырратә системеи рзы даара ихәарҭоуп", — ҳәа иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа аминистр.
Жәабран 6-9 рзы Адыррақәа рыцентр "Машук" аҿы Аԥсны арҵаҩцәеи ашколқәа рдиректорцәеи рзанааҭеизырҳаразы апрограмма мҩаԥысуеит. Уи алыршахеит Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко идгыларала, Бадра Гәынбеи иареи реиԥылара ашьҭахь.