АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. 38 шықәса зхыҵуаз Тиумен инхоз Алексеи Берестениов иԥсыбаҩ рыԥшааит Риҵатәи аиҩхааҿы, аиқәырхаҩцәа уи иҭыгара иаҿуп ҳәа Sputnik адырра арҭеит АҶА апресс-маҵзураҿы.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит иара Риҵа аӡиахь ицо амҩа 35-тәи акилометр аҿы дшырбаз. Уажәтәи адыррақәа рыла, урыстәылауаҩ ацаҟьа далҟьеит.
Берестениов ажьырныҳәа 31 инаркны Риҵа азааигәара ишьҭан. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра ари ахҭыс азы адырра аиуит жәабран 2 рзы, урҭ адырра шрырҭаз ала, иара ихатә маҭәақәеи идокументқәеи зегьы ааныжьны дцеит ҳәа. Аԥшаарақәа аанкылан жәабран 6 рзы, иахьа урҭ ирыцҵан.
Берестениов иҭахара инамаданы ашьаусҭҵаара мҩаԥысуеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аусбарҭа иазгәанаҭеит Гәдоуҭатәи аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша Берестениов аҵыхәтәан дахьыҟаз аҭыԥ Ҿабгаратәи ахышә ауп ҳәа ишышьақәдыргылаз жәабран 8 рзы.