https://sputnik-abkhazia.info/20250209/aleksei-beresteniov-isyba-ryshaait-riati-aikhaay-1053686224.html
Алексеи Берестениов иԥсыбаҩ рыԥшааит Риҵатәи аиҩхааҿы
Алексеи Берестениов иԥсыбаҩ рыԥшааит Риҵатәи аиҩхааҿы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. 38 шықәса зхыҵуаз Тиумен инхоз Алексеи Берестениов иԥсыбаҩ рыԥшааит Риҵатәи аиҩхааҿы, аиқәырхаҩцәа уи иҭыгара иаҿуп ҳәа Sputnik... 09.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-09T15:20+0300
2025-02-09T15:20+0300
2025-02-09T17:40+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/0c/1050133527_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_3a5e3d838fba9f407bae098a590ed69b.jpg
АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. 38 шықәса зхыҵуаз Тиумен инхоз Алексеи Берестениов иԥсыбаҩ рыԥшааит Риҵатәи аиҩхааҿы, аиқәырхаҩцәа уи иҭыгара иаҿуп ҳәа Sputnik адырра арҭеит АҶА апресс-маҵзураҿы. Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит иара Риҵа аӡиахь ицо амҩа 35-тәи акилометр аҿы дшырбаз. Уажәтәи адыррақәа рыла, урыстәылауаҩ ацаҟьа далҟьеит. Берестениов ажьырныҳәа 31 инаркны Риҵа азааигәара ишьҭан. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра ари ахҭыс азы адырра аиуит жәабран 2 рзы, урҭ адырра шрырҭаз ала, иара ихатә маҭәақәеи идокументқәеи зегьы ааныжьны дцеит ҳәа. Аԥшаарақәа аанкылан жәабран 6 рзы, иахьа урҭ ирыцҵан.Берестениов иҭахара инамаданы ашьаусҭҵаара мҩаԥысуеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура. Аусбарҭа иазгәанаҭеит Гәдоуҭатәи аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша Берестениов аҵыхәтәан дахьыҟаз аҭыԥ Ҿабгаратәи ахышә ауп ҳәа ишышьақәдыргылаз жәабран 8 рзы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/0c/1050133527_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_b781f25f061c7b337ba291d452241013.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. 38 шықәса зхыҵуаз Тиумен инхоз Алексеи Берестениов иԥсыбаҩ рыԥшааит Риҵатәи аиҩхааҿы, аиқәырхаҩцәа уи иҭыгара иаҿуп ҳәа Sputnik адырра арҭеит АҶА апресс-маҵзураҿы.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит иара Риҵа аӡиахь ицо амҩа 35-тәи акилометр аҿы дшырбаз. Уажәтәи адыррақәа рыла, урыстәылауаҩ ацаҟьа далҟьеит.
Берестениов ажьырныҳәа 31 инаркны Риҵа азааигәара ишьҭан. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра ари ахҭыс азы адырра аиуит жәабран 2 рзы, урҭ адырра шрырҭаз ала, иара ихатә маҭәақәеи идокументқәеи зегьы ааныжьны дцеит ҳәа. Аԥшаарақәа аанкылан жәабран 6 рзы, иахьа урҭ ирыцҵан.
Берестениов иҭахара инамаданы ашьаусҭҵаара мҩаԥысуеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аусбарҭа иазгәанаҭеит Гәдоуҭатәи аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша Берестениов аҵыхәтәан дахьыҟаз аҭыԥ Ҿабгаратәи ахышә ауп ҳәа ишышьақәдыргылаз жәабран 8 рзы.