АҞӘА, жәабран 10 — Sputnik. Гал аӡымҩангагақәа руак аҿы аӡы ахьацәцоз аиҭашьақәыргыларатә гәыԥ аусура иалагеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ, анхамҩатә усбарҭа аиҳабы Дмитри Адлеиба.
Иара иажәақәа рыла, 500 миллиметр агәҭаӡа змоу аӡымҩангага аиҭашьақәыргылара аамҭалатәи ӡбароуп, уи асистемаҿы аӡы ақәыӷәӷәара еизнарҳауеит.
"Заанаҵәи ахәшьарақәа рыла, аиҭашьақәыргыларақәа хымш инаркны бжьымш рҟынӡа аамҭа аҭаххар ауеит, избан акәзар, ҳара араион ахада иахь афинансттәи атехникатәи цхыраара ҟазҵо аусшәҟәқәагьы еиқәҳаршәоит", — иҳәеит Адлеиба.
Уажәы ақалақь ахь аӡы ааргоит, амчхара ахьмаҷу иахҟьаны аҩбатәи аихагылақәа рахь ихалом.