Аԥсны

Галузин Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҵакы дазааҭгылеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 10 Sputnik. Ақырҭуа-аԥсуеи ақырҭуа-аахыҵуаԥстәылатәии аҳәаақәа рҿы аҭынчра ахьчара алыршахоит Кавказнҭыҵтәи ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара иабзоураны ҳәа иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин.
Иара иҳәеит, Москва, Аҟәа, Цхинвал дҵаны ишықәдыргыло аиҿцәажәарақәа даҽа ҭыԥк ахь аиагараз, убри аамҭазы урҭ рформат еиқәырханы ишыҟоу, уи актуалра шамоу шьақәнарӷәӷәоит.
"Ас еиԥш ашьаҿа ҳзырҟаҵо амзызқәа зегьы еилкаауп, аиҿцәажәарақәа рформат алахәылацәа зегьы рыбжьара акаҿы азааибагара ҳҽазаҳшәоит", — ҳәа азгәеиҭеит Галузин РИА Новости иаиҭаз аинтервиу аҿы.
Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит жьҭаара 15 2008 шықәса раахыс. Урҭ рхы аладырхәуеит Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Қырҭтәылеи, Урыстәылеи, Еиду Америкатәи Аштатқәеи урҭ рыцхантәаҩцәа ЕС, ЕАР, ОБСЕ.
Аԥсны
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа даҽа тәылак ахь риагара иадгылоит