Аԥсны

Аҟәа амца зкыз аҩнеихагыла ахыб аԥсахра иалагеит

Аҟәа Кьараз амҩаду аҿы игылоу аҩнеихагыла амца акит жәабран 7 рзы, амца дырцәон Аҟәеи Гәылрыԥшь араиони амцарцәаратә гәыԥқәа хәба.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 Sputnik. Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны амца зкыз аҩнеихагыла ахыб аԥсахра иалагеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақалақь ахада ин.н. Алхас Лагәлаа.
Иара иажәақәа рыла, ахарџьнҵа макьана ишьақәыргылаӡам, аха аусурақәа ирылагеит амшқәа цәгьахаанӡа.
"Ауаа ақәаура иалагар аӡы рыжәымларц азы, ақалақь аусбарҭа амчқәа рыла ахыб аҟаҵара ҳаӡбеит", — иҳәеит Лагәлаа.
Иҳәеит, амца арцәараан ааха зауз ауаҭахқәа шаҟа ыҟоу макьана аҭҵаара ишаҿу.