Аԥсны

Аԥсны аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзы Аҟәа аџьартә ныҟәара мҩаԥысит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 Sputnik. Аԥсны аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзы Аҟәатәи ауахәамаҿы аџьартә ныҟәара мҩаԥысит.
Иара мҩаԥигеит Аԥснытәи Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы, аиреи Виссарион (Аԥлиаа).
Адинмаҵзуҩы алхрақәа рыламҭалазы ауаажәларра ҭынчрылеи ҟәыӷарылеи рхы мҩаԥыргарц ааԥхьара ҟаиҵеит.
"Ари Анцәа иахь иҟаҵоу ныҳәароуп, ҳтәылаҿы аҭынчра ыҟазарц, аиҿагылара ҟамларц, азҵаарақәа зегьы ажәа ахархәарала иӡбахарц азы", — ҳәа иазгәеиҭеит Виссарион.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит шәҩыла Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ауааԥсыра.
Уаанӡа Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рылҵшәақәа акандидатцәа зегьы ишазхарҵо азы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи ауаажәларраҿы амч ахархәарала аиҿагылара аҟамлареи рзы ааԥхьара ҟаиҵахьан.