АҞӘА, жәабран 11 — Sputnik. Аԥснытәи арҵаҩцәа рзанааҭтә ҩаӡара аизырҳаразы Санкт-Петербург акурсқәа ирхысуеит ҳәа аанацҳауеит ареспубликаҿы иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра.
"Аӡынтәи ашкол" иалахәын Гагратәи 2-тәи ашкол аҵара ҟәша аиҳабы, аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Асҭанда Хышԥҳаи Галхәыч ақыҭантәи ашкол арҵаҩы Анжела Убилаваи.
Иара убас, апроект иалахәын Аахыҵ Уаԥстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Киргизиа, Таџьикисҭан, Узбекисҭан рхаҭарнакцәа.
Арҵаратә программа хықәкыс иамоуп афилологиатә дисциплинақәа рҵараҿы иахьатәи аметодқәа ралагалареи ашкол аҿы аурыс бызшәа атәым бызшәа еиԥш арҵараҿы хра злоу аԥышәақәа реимдареи.
Акурсқәа еиҿкаауп Ушински ихьӡ зху апедагогикатә ҵарадырра академиа ашьаҭа ала, имҩаԥысуеит жәабран 15 рҟынӡа.