АҞӘА, жәабран 11 — Sputnik. Маҳадыр ақыҭа инхо Ишьхан Урумиан даанкылоуп Аԥсныҟа анаркотиктә маҭәашьарқәа ҭаигалон ҳәа гәҩарас дҟаҵаны. Абри атәы аанацҳауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Урумиан имашьына ааныркылеит аҳәынҭқарратә ҳәаа данахыс ашьҭахь. Данеимырдаауаз идырбалеит аметадон рацәаны.
Урумиан иажәақәа рыла ззин ыҟам амаҭәашьар Урыстәыла иааихәеит, идырым ауаҩы ииҭарц иҭахын.
Ашьаус хацыркуп.