Аԥсны

Жәабран 12 инаркны Аԥсны ашколхәыҷқәа хатәгәаԥхарала адиспансеризациа иахысуеит

Ашколхәыҷқәа ргәаҭаразы Аԥсныҟа иааит урыстәылатәи аҟазацәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 Sputnik. Уаҵәы Аԥсны Урыстәыла ацхыраарала хатәгәаԥхарала ахәыҷқәа рдиспансеризациа иалагоит.
Ахәыҷқәа ргәабзиара агәаҭаразы Амилаҭтә медицинатә ҭҵаарадырратә центр (ақ. Москва) аҟынтәи жәа-хырхарҭак рыла аҟазацәа Аԥснытәи аҳақьымцәа рыцхрааразы иааит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ахирург, ауролог, акардиолог, аневролог, аендокринолог.
Бадра Гәынба Москва даныҟаз Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко диацәажәеит ахәыҷқәа ргәаҭаразы ацхыраара ҟаиҵарц.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭахоит агәы-шьадатә чымазарақәа змоу.