Ԥхынҷкәын 21, 2024 шықәсазы, еицырдыруа ақьаӷьариа Нана Сыҷынааԥҳа дызхагылоу агәыҳалалра-адемографиатә фонд "Анасыԥ" 20 шықәса ахыҵит. Ари аиубилеитә рыцхә лареи лыцхырааҩ Аԥсны Афырхаҵа Инга Барцыцԥҳаи инарҭбааны, 100-ҩык рҟынӡа асасцәа адыԥхьаланы иазгәарҭарц рҭахын, аха Аԥсны ишьақәгылаз аполитикатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны арыцхә иахдырԥеит. 20 шықәса ирылагӡаны Нана Сыҷынааԥҳа рынасыԥқәа лчаԥахьеит 150 инареиҳаны аҭаацәарақәа. Ақьаӷьариа ари аус дшалагази илнаҭо ацәаныррақәеи Sputnik аматериал аҟны.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Нана Сыҷынааԥҳа ҟазшьала илахҿыхыу, алаф зҿо, ахәыҷи адуи ирнаало уаҩуп. Убри аҟнытә, дышқәыԥшызгьы лҩызцәеи лыуацәеи аԥҳәызба, ма арԥыс иганахь аинтерес змаз лыдҵаалон. Илыҳәон мҩак азалхны еибалырдырарц. Аԥҳәызба уи аҿы деиҵахозма, амзызқәа ԥшааны еибалырбон. Анаҩс мышьҭабзиала рынасыԥқәа еиларҵон. 2004 шықәсазы, Нана официалла аофис аартны аусура далагеит. Раԥхьатәи лшьаҿақәа рҟны ацхыраара ду лиҭеит ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩ Беслан Быҭәба.
"Беслан Тика-иԥа агәыҳалалратә адемографиатә фонд "Анасыԥ" ибзиаӡаны дацхраахьан. Гагра иаартны исыман аофис. Уахь аҭаацәара иалаларц зҭахыз неиуан. Еидыскылон хаҵеи ԥҳәыси рсиақәа. Анаҩс еинаалоит ҳәа исԥхьаӡоз еибасырбон, срыбжьацәажәон. 20 шықәса раахыс 150 ҭаацәара шьақәсыргылеит сҳәарц сылшоит. Зегь раасҭа сгәалашәараҿы инхо хҭысуп, хәҩык аишьцәа гәакьацәа Зыхәаа аҭыԥҳацәа ирабардырны рынасыԥқәа анеиларҵа. Шәазхәыци закәытә гәырӷьараз хәҩык аҭацацәа ашҭа ианҭала", - лцәаныррақәа ҳацеиҩылшоит зус иазҟазоу ақьаӷьариа Нана Сыҷынааԥҳа.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳаилазаараҟны иалацәажәоит аҳәса аазымго ахацәа рацәаҩхеит, уи зыхҟьогьы амамзаара ауп ҳәа. Аха ари агәаанагара аҿагылара ауҭаргьы ауеит лҳәоит ақьаӷьариа. Избанзар илымоу аԥышәа илнарбеит, аҭаацәара аламлара иамоу амзызқәа шеиуеиԥшым. Аҿар рынасыԥқәа анеиларҵо, иаҳҳәап 18-25-нӡа зхыҵуа, урҭ абзиабара ауп раԥхьа идыргыло, амал иазхәыцӡом. Еиқәшаҳаҭрала еибагоит 25-35-нӡа, урҭгьы хымԥада ацәаныррақәа рыбжьоуп. 35 шықәса ирҭысхьоу аҭыԥҳацәа акариера иахырҟьаны, мамзаргьы еиӷьу ишизԥшу, ақыҭа ахьынӡараҭәарымшьо рықәра цоит. Ахацәа ракәзаргьы убас. Ақыҭауаа урылацәажәозар, иаҳҳәап иахьа 60 шықәса ирҭысхьоу, урҭ ирхыргахьоу аҭаацәаратә рыцҳарақәа рԥырхагахеит. Аҷкәын ақалақь аҟны дынхозтгьы, ақыҭаҟны иҟоу иашьа идунеи иԥсахыр, иани иаби батәуп ҳәа иус ныжьны дгьежьыр акәхон. Ус иашьа ишықәс цәымза дшазыԥшу, даҽа рыцҳарак иақәшәон, ажәакала рҿареи рыбжьаратә қәреи ирҭысуан. Уажәо уаналагалак уаргьы аӡәгьы уиҭаххом, уаргьы аӡәгьы дуҭаххом. Ақалақь аҟны инхо, амал змоу ҳәа иԥхьаӡоу ахацәагьы аҭаацәара иалам рацәоуп. Ус анакәха, дара амамзаара акәӡам ирԥырхагоу. Ақьаӷьариа излаҭылҵааз ала, реиҳараҩык мыцхәы аҳәса (абзиабаҩцәа) ирышьцыланы иҟоуп, ирԥырҵны аԥсуа ӡӷаб бзиа лахь изхьаԥшӡом, ихьаԥшоит ҳәа иалагаргьы, анҭ рыҳәса аԥынгылақәа рырҭоит. Абри даара ирыцҳароуп.
Нана Сыҷынааԥҳа иахьа аофис лымаӡам, лҭааҩцәа аҩны илыдылкылоит. Лус аҟны ацхыраара лылҭоит Аԥсны Афырхаҵа Инга Барцыцԥҳа. Дара еивагыланы, аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәагьы рразҟы ачаԥара иацхраахьеит.
"Иахьатәи амш азы аҳәса аазымгац, аха аибадырра зҭахыу 47-ҩык ахацәа ақьаад ианҵаны исымоуп, аҳәса 20-ҩык. Ингеи сареи активла еинаало рсиа ашьақәыргылара ҳаҿуп. Хаҵеи ԥҳәыси рыбжьацәажәарагьы мариаӡам. Араҟа уԥсихологзароуп. Иҟалалоит ахаҵа аԥҳәыс данигәаԥхо, аха лара мап аницәылкуа. Усҟан лхы иҭагаланы илаҳҳәоит есааира лықәра шцо, иахьа бсыцца зҳәо, уаҵәы ишиимҳәо. Ахшара длоуратәы дыҟазар уигьы ҳақәыӷәӷәоит. Илаҳҳәоит ахәыҷы ида аԥсҭазаара агьама шамам. Хара бымхәыцкәа, ахаҵа дыцәгьамзар бицца ҳәа. Аиашазы згәаанагара ҳаԥсахыз аҳәса маҷӡам. Хымԥада иҟоуп еиразҟымгьы. Ишԥеинаало ҳәа рус уашьҭоуп, аха мчык еиԥнарҟьоит", - ҳәа азгәалҭоит ақьаӷьариа.
Нана Сыҷынааԥҳа еибылҭахьоу аҭацәарақәа рахьтә еилыҵқәазгьы ыҟоуп. Урҭ анаҩстәи рразҟы ачаԥаразгьы илыдҵаалоит. Ақьаӷьариа ари занааҭӡам, аха ҳаилазаараҟны зда ԥсыхәа ыҟам усуп. Аиҳарак ҳарҭ аԥсуаа ҳзы, ҳдемеографиатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу ала.
"Ҳара ҳҵасқәа злаҟоу ала, аҭыԥҳа "ԥҳәысс сга" ҳәа арԥыс иалҳәаӡом, иара ихаҭа аинтерес ааирԥшыроуп. Аԥсуаа аиҵыҵра ҳаурц азы, доусы ихы мацара акәымкәа ажәларгьы дрызхәыцроуп. Иахьа ҳтәылаҿы ииуа асаби иани иаби рыдагьы, ҳаргьы даҳтәуп ҳәа иаҳԥхьаӡоит", - лҳәоит Нана.
Ақьаӷьариа, 40 шықәса ирҭысхьоу, насгьы еилыҵқәази, еибоуи роуп еиҳа изцхыраатәу ҳәа илԥхьаӡо. Избанзар дара уажәшьҭа иԥхашьо иалагоит. Дырҭахыуп "ирыгәҭасуа" ауаҩы.
Нана Сыҷынааԥҳа илгәиҭоуп, иахыԥазаргьы, аиубилеитә рыцхә хара имгакәа азгәаҭара. Усҟан ааԥхьара рылҭоит афонд абзоурала иаԥҵахаз аҭаацәарақәа рахьтә, еиҳа ахшара рацәа змоу, убас арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны афонд иацхраауази адгылара азҭози.
Ақьаӷьариа аԥсуаа ҳҟны адагьы ахԥша лыман егьырҭ амилаҭқәа рҿгьы. Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит, жәабран 12 рзы адунеи аҟны иазгәарҭо жәларбжьаратәи аҭаацәалазааратә усбарҭақәа рымш.