"Илбаз иакәӡам дыззааргаз": аҿар реибадырра иаци иахьеи

© Sputnik / Томас ТхайцукМолодежь на набережной Сухума
Молодежь на набережной Сухума - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2021
Анапаҵаҩра
Ажәытәан аԥсуа ҿарацәа реибабара зеиԥшрази, иахьа ишыҟоуи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә центр аусзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Аҭаацәара аԥҵара имариам усуп. Арԥыс игәы иақәшәо аҭыԥҳа лалхразы, мамзаргьы аҭыԥҳа лгәы иақәшәо арԥыс иԥшааразы ҳәарада агәы иаҳәо хадароуп, агәаԥхеибашьара аԥхьа игылоуп, аха уи иацәыхарамкәа иавагылоуп ахшыҩгьы.

Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2019
Аԥсуа чарахь абилеҭ: ажәытәи аҿатәи реиҿырԥшра амҩала

Уимоу анкьа ахшыҩзцара иаҳа аԥыжәара арҭон агәы ишацәхьамҵуазгьы. Иаҳҳәап арԥыс ӡӷабк дигәаԥхазар, уи атәы цәыригаанӡа лышьҭра еиликаауан, лхы-лҵыхәа зҳәаз еиԥш, иара убасгьы лыҟазшьа, аҩнра лызныҟәго-илызныҟәымго.

Ажәытә аҿарацәа реибабарақәа маҷын ҳәа аҳәара уақәымшаҳаҭхар ауеит. Ҳәарада урҭ реибабара иахьатәи еиԥшым, даҽа ҟазшьак аман, даҽа цәаҩак ахан, иахьеиԥш иаартымызт, аха уи иаанагаӡом еибабаӡомызт ҳәа.

Арԥыси аԥҳәызбеи еибабон аимҭахарақәа рҟны, ачарақәа рҟны, еиуеиԥшым аныҳәақәа рҟны. Еиҳарак аҿар еидтәалон хәылԥазыла, алаф рҳәон, иччон, ихәмаруан, икәашон, ишәаҳәон.

Иахьагьы ари хара ҳацәцеит узҳәом. Аҿар ахьеибабо, иахьеибадыруа ҭыԥқәаны ҳаамҭазгьы иҟоу ачарақәеи еиуеиԥшым аныҳәақәеи роуп. Амала зҽызыԥсахыз, ажәытәан, арҭ аибадыррақәа раан, арԥарцәагьы аҭыԥҳацәагьы иреиӷьыз рҟазшьақәа аадырԥшырц иаҿын, еицлабуан. Иаҳҳәап: арԥарцәа ахысраҿы, ма аҽырхәмарраҿы ишҟазоу аадырԥшуан, мамзаргьы рыкәашаратә, рышәаҳәаратә ҟазара ӡырыргон. Аҭыԥҳацәагьы убасҵәҟьа, рымаҵушьа иацклаԥшуан, рнапҟазара, рлафҳәашьа, рыкәашашьа уҳәа, хьӡыртәрала наҟ-ааҟ ажәақәа еимырдон, иԥибашәон.

Аҭыԥҳаи арԥыси ангәаԥхеибашьалакгьы уи злаадырԥшуаз адыргақәа ыҟан, ажәа мыцхә ара иаҭыԥмызт.

Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2019
Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа

Ҿырԥштәыс иааҳгозар, иахьагьы иуԥылоит, ачараҿы арԥыс ҭыԥҳак длабадырырц иҭахызар, уи ачанах хаа-мыхаала ирԥшӡаны, иара убасгьы аҭыԥҳа илыӡбаша амаана аҵаҵаны илзынаишьҭуеит. Аҭыԥҳа ҭакс уи арԥыс иабадырра дақәшаҳаҭзар, имаана ӡбаны аҿыц еиқәыршәаны изыналышьҭуеит, иаргьы далаԥылшәарц. Мамзаргьы арԥыс аҭыԥҳа дигәаԥхазар, уи иӡбахә иҩызак иыла инаицҳауан, иара сасра ҳәа аӡӷаб дахьынхоз аҩны азааигәара, агәылара днеиуан. Агәылаӡӷабгьы аҭыԥҳа лҟны еилылкаауан аибадырра дшазыҟоу. Аҭыԥҳа аибадырра дақәшаҳаҭзар, асас иааиз иҟамчы аҿы ашә ахь имырхакәа, аҩныҵҟа ирханы ихылшьуан. Уи алагьы арԥыс еиликаауан дыззааиз аус иалҵшәахо.

Иашоуп, арҭ аибадыррақәа, аибабарақәа раан арԥыси аԥҳәызбеи шамаха рхала еизаанхомызт, урҭ агәылара еибабон, ма рҩызак дрыцын. Уи ҵакыс иаҵаз арԥыс ихықәкы ацқьара акәын, апатуқәҵара акәын. Насгьы агәы абжьы анцәажәо иҟалап иаарту ажәақәа зынӡаск имыцхәызаргьы, иҟалалоит ажәа анырацәоу, аха агәы анлашәу, убри аҟнытә "амаӡа" еиҳа аҵабыргра аҵазар ҟалап ҳәа сазхәыцуеит, иаарту азнеишьа аасҭа.

Иахьатәи ҳаамҭазы иаҳбои иаарту аибабарақәа аԥыжәара шрымоу, арԥыси аԥҳәызбеи рхала ишеиқәшәо, аха убри аангьы лассы-лассы иҟалалоит аҷкәын аҵыхәтәан ԥҳәысс ииго аҭыԥҳа зынӡаск данизымдыруа, лышьҭра изымдырра мацара адагьы, лара лыҟазшьагьы анизымдыруа маҷым. Уи иалҵшәаны иахьа иаҳбоит, аҿар реибадырра, реибагара шымариоу еиԥш, ргәеихшәара, реилыҵрагьы шырацәоу.

Дерево - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2020
Аԥсҭазаара зеиԥшрахо аилкаара: Анмираҳ - абзиабара анцәахәы идҳәалоу аҵасқәа

Уаанӡа акәзар, "харантәи" ишеибабозгьы аҭыԥҳа арԥыс иҟазшьақәа зегьы лдыруан, игыу-ибзоу, арԥыс иакәзар аӡӷаб ддырны дааигон. Уи иаанагаӡом абзиабара ыҟаӡамызт ҳәа, арԥыс игәаԥхоз лакәын зеилкаара дашьҭалоз, аҭыԥҳагьы иара убас, аҭыԥҳа илгәамԥхоз иҿгьы мап аҳәашьа дақәшәон.

Ирҳәоит ажәытәан еибамбаӡакәа (мамзаргьы знык еибабаны) еибадыргоз ыҟан ҳәа, аха урҭ еимбамбацзаргьы ӡбахәыла еибадыруан. 21-тәи ашәышықәсазгьы еибамбаӡакәа еибагоит уҳәар ауеит, избан акәзар аамҭа ицәырнагаз аҿыцрақәа иреиуоуп аҿар ҭелла реибадырра. Иуҳәар ауама ҭелла узабадырыз ауаҩы дудыруеит ҳәа? Уимоу аҭел аҿы иубои иуаҳауеи алабҿабеи анеиқәымшәо ыҟоуп. Нас ашәаҿы ишҳәоу еиԥш "илбаз иакәӡам дыззааргаз" ҳәа инатәоит. Аԥсҭазаара егьа аҿыцрақәа аланагалозаргьы, уи ухатә ҵас ацәаҩа ахаумҵар, анарха аиуӡом.

Ажәабжьқәа зегьы
0