Аԥсны

Пиатницки ихьӡ зху Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә академиатә жәлар рхор Аҟәа иқәгылеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы игаз Аиааира 80 шықәса ахыҵра ашықәс азы Аԥсныҟа иааит (https://t.me/SputnikAbkhazia/26134) М.Е. Пиатницки ихьӡ зху Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә академиатә жәлар рхор.
Аофициалтә хәҭа рхы аладырхәит Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимовеи Аԥсны акультура аминистр ин.н. Динара Смырԥҳаи.
"Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара ҭоурыхла ишьақәгылахьоу акультуратә еимадара бзиа рыбжьоуп, уи шьаҭас иамоуп апатуеиқәҵара, акультуратә традициақәа реиқәырхара, иаҳзеиԥшу аҭынха ахьчара. Агәра ганы сыҟоуп ҳкультуратә еимадарақәа ҳаԥхьаҟагьы ишрыцаҳҵо", — ҳәа азгәалҭеит Динара Смыр.
Ахәҭакахьала, Ольга Лиубимова инаҵшьны иазгәалҭеит, иахьатәи аконцерт Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра азгәаҭара ашықәс шаанартуа, уи ҷыдала аҵак ду шамоу.
"Ари аиубилеитә рыцхә иаанарԥшуеит ҳаиашьаратә жәларқәа ракзаара, ибеиоу акультуратә ҭынха аиқәырхареи аурыс-аԥсуа гуманитартә усеицура арӷәӷәареи аҿиареи рзы ргәазыҳәара", — лҳәеит Урыстәылатәи акультура аминистр.
Ахор асценаҿы инанагӡеит аурыс жәлар рашәақәеи аурыс композиторцәа Александр Добронравов, Владимир Дашкевич, Игорь Матета раԥҵамҭақәеи.
Пиатницки ихьӡ зху Урыстәыла Аҳәынҭқарратә академиатә жәлар рхор раԥхьаӡа акәӡам Аԥсны ианықәгыло. 2018 шықәса рзы, ареспублика ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш аҽны, дара Аҟәа аконцерт ықәдыргылеит.