https://sputnik-abkhazia.info/20250212/piatnitski-ikh-zkhu-urystylati-aynarrat-akademiat-zhlar-rkhor-aa-igyleit-1053734381.html
Пиатницки ихьӡ зху Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә академиатә жәлар рхор Аҟәа иқәгылеит
Пиатницки ихьӡ зху Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә академиатә жәлар рхор Аҟәа иқәгылеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы игаз Аиааира 80 шықәса ахыҵра ашықәс азы Аԥсныҟа иааит (https://t.me/SputnikAbkhazia/26134) М.Е... 12.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-12T21:20+0300
2025-02-12T21:20+0300
2025-02-12T23:36+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0c/1053733576_28:0:1253:689_1920x0_80_0_0_ce833e91ed3ef28bd5f150bb35676b2e.jpg
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы игаз Аиааира 80 шықәса ахыҵра ашықәс азы Аԥсныҟа иааит (https://t.me/SputnikAbkhazia/26134) М.Е. Пиатницки ихьӡ зху Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә академиатә жәлар рхор. Аофициалтә хәҭа рхы аладырхәит Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимовеи Аԥсны акультура аминистр ин.н. Динара Смырԥҳаи. Ахәҭакахьала, Ольга Лиубимова инаҵшьны иазгәалҭеит, иахьатәи аконцерт Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра азгәаҭара ашықәс шаанартуа, уи ҷыдала аҵак ду шамоу. "Ари аиубилеитә рыцхә иаанарԥшуеит ҳаиашьаратә жәларқәа ракзаара, ибеиоу акультуратә ҭынха аиқәырхареи аурыс-аԥсуа гуманитартә усеицура арӷәӷәареи аҿиареи рзы ргәазыҳәара", — лҳәеит Урыстәылатәи акультура аминистр.Ахор асценаҿы инанагӡеит аурыс жәлар рашәақәеи аурыс композиторцәа Александр Добронравов, Владимир Дашкевич, Игорь Матета раԥҵамҭақәеи.Пиатницки ихьӡ зху Урыстәыла Аҳәынҭқарратә академиатә жәлар рхор раԥхьаӡа акәӡам Аԥсны ианықәгыло. 2018 шықәса рзы, ареспублика ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш аҽны, дара Аҟәа аконцерт ықәдыргылеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0c/1053733576_181:0:1100:689_1920x0_80_0_0_6962e6af8569892b05c53468d24bab80.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы игаз Аиааира 80 шықәса ахыҵра ашықәс азы Аԥсныҟа иааит (https://t.me/SputnikAbkhazia/26134) М.Е. Пиатницки ихьӡ зху Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә академиатә жәлар рхор.
Аофициалтә хәҭа рхы аладырхәит Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимовеи Аԥсны акультура аминистр ин.н. Динара Смырԥҳаи.
"Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара ҭоурыхла ишьақәгылахьоу акультуратә еимадара бзиа рыбжьоуп, уи шьаҭас иамоуп апатуеиқәҵара, акультуратә традициақәа реиқәырхара, иаҳзеиԥшу аҭынха ахьчара. Агәра ганы сыҟоуп ҳкультуратә еимадарақәа ҳаԥхьаҟагьы ишрыцаҳҵо", — ҳәа азгәалҭеит Динара Смыр.
Ахәҭакахьала, Ольга Лиубимова инаҵшьны иазгәалҭеит, иахьатәи аконцерт Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра азгәаҭара ашықәс шаанартуа, уи ҷыдала аҵак ду шамоу.
"Ари аиубилеитә рыцхә иаанарԥшуеит ҳаиашьаратә жәларқәа ракзаара, ибеиоу акультуратә ҭынха аиқәырхареи аурыс-аԥсуа гуманитартә усеицура арӷәӷәареи аҿиареи рзы ргәазыҳәара", — лҳәеит Урыстәылатәи акультура аминистр.
Ахор асценаҿы инанагӡеит аурыс жәлар рашәақәеи аурыс композиторцәа Александр Добронравов, Владимир Дашкевич, Игорь Матета раԥҵамҭақәеи.
Пиатницки ихьӡ зху Урыстәыла Аҳәынҭқарратә академиатә жәлар рхор раԥхьаӡа акәӡам Аԥсны ианықәгыло. 2018 шықәса рзы, ареспублика ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш аҽны, дара Аҟәа аконцерт ықәдыргылеит.