Аԥсны

Урыстәыла аҟазацәа Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа абылра иацәынхаз 150 сахьа еиқәдырхеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Урыстәылатәи аспециалистцәа 2024 шықәсазы Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиаҿы иҟалаз абылра ашьҭахь 150-ҟа ҭыхымҭақәа реиқәырхараҿы ацхыраара ҟарҵеит. Абри атәы рҳәеит Аԥсны акультура аминистр Динара Смыр Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова Аҟәа реиԥылараҿы.
"Адырҩаҽныҵәҟьа (амцакра ашьҭахь — аред. азгә.) шәара шәыҽҳамажәдеит, ҩымш ааҵуаны убриаҟара ареставраторцәа ҳзааит, Урыстәыла мацара акәымкәа, аҳәаанырцәгьы еицырдыруа. Дара ҳара ҳҿы аусура ду нарыгӡеит ҳара ҳреставраторцәа ирывагыланы. Имҩаԥыргеит анализ, усумҭақәак излалшоз ала идырӷәӷәеит, еиқәдырхеит 150 усумҭа, иҵегьы ареставрациа амҩаԥгара зҭаху", — лҳәеит иара.
Уи адагьы, ааигәа ҩаԥхьа Аԥсныҟа иааит урыстәылатәи аспециалистцәа гәыԥҩык. Урҭ 60-ҟа рҟынӡа аусумҭақәа алырхит, урҭ Москваҟа аиҭашьақәыргыларазы иргоит.
"Сергеи Владилен-иԥа Кириенко ибзоурала аԥара ду ҳзоурыжьит. Иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит. Убри иабзоураны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиаҿы уажәы мҽхакы ҭбаала аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ҳарҿуп", — лҳәеит Динара Смырԥҳа.
Ольга Лиубимова иазгәалҭеит, Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиаҿы иҟалаз арыцҳара Урыстәыла згәы иалымсыз аӡәгьы дшыҟам.
"Урыстәыла амузеи дуқәа рнапхгаҩцәа, агалереиа амца анацрала ашьҭахь раԥхьатәи аминуҭқәа инадыркны акультура аминистррахь аҭелқәа ирысуа иалагеит, иҳабжьоу аиашьара пату шырзақәу аарԥшуа, Аԥсныҟа ҳанбацо ҳәа иҵаауан. Абри, ҳәарада, даара акраҵанакуеит, жәашықәсала иааиуа аиашьара иадыргоуп", — ҳәа еиҭалҳәеит урыстәылатәи аминистр.
Аԥсны
Урыстәыла Аԥсны иацхраауеит акультура ахырхарҭаҿы ирзымхо аспециалистцәа разыҟаҵараҿы