Аԥсны

Урыстәылеи Аԥсни Аҟәа ҳаамҭазтәи акинотеатр аартреи азеиԥш кинофильмқәеи ирылацәажәоит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни Аҟәа ҳаамҭазтәи акинотеатр аартра иалацәажәоит, иара убас азеиԥш кинофильмқәа реицҭыхрагьы. Абри атәы лҳәеит Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова, Аԥсны акультура аминистр ин.н. Динара Смырԥҳаи лареи анеиԥылоз.
"Ҳаамҭазтәи акинозал аартра иабзоураны ҳаамҭазтәи акиносахьа дырбаразы алшара ҟалоит. Ҳаԥхьаҟа акәзар, жәаҳәарада, сара даара исҭахуп аԥшӡареи, аԥсабареи, архитектуреи рыла иҭәу ари атәылаҿы иҵегьы акиносахьақәа рҭыхра. Ҳазегьы ҳаицазхәыцып", — лҳәеит Ольга Лиубимова.
Аминистр иргәалалыршәеит, Урыстәылатәи акинорежиссиорцәа Аԥсны акиноҭыхра иаҿуижьҭеи акрааҵуеит ҳәа. Аха еицырзеиԥшу афильмқәа ҭыхзар бзиан.
"Ҳара иаҳгәалашәоит, Фазиль Искандер ииубилеитә шықәсеи "Чик ихәыҷреи" рымҩаԥгара шаҟа адгылара аҳҭаз. Апроектқәа ыҟан. Убри аҟнытә, идырны ишәымаз, аинтерес зҵоу асценариқәа цәырҵыр, ҳара, Акультура Аминистрреи Акино Афонди, гәахәарыла урҭ ҳрыдгылоит", — ҳәа иазгәеиҭеит аминистр.
Уи адагьы, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә цирк Аԥсны агастрольқәа рымҩаԥгареи, иара убас Аԥсны атеатри акинои рҭоурых иазку амузеи аартреи азԥхьагәаҭоуп. Арегионалтә музеи хәыҷқәа реиԥш, атеатр дуқәагьы ацхыраара рыҭараҿы аԥышәа змоу Бахрушин имузеи ари аус анагӡара иазхиоуп.
Аԥсны
Урыстәыла Аԥсны иацхраауеит акультура ахырхарҭаҿы ирзымхо аспециалистцәа разыҟаҵараҿы