АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Аԥсны ақыҭақәа рхаҭарнакцәа асоциалтә проектқәа афинанстә цхыраара рзоурыжьразы арзаҳалқәа ралаҵашьа аԥҟарақәа ддырдырит.
Аҟәа ақыҭауаа рзы асеминар мҩаԥысит, уаҟа Урыстәылатәи Афедерациа ахада игрантқәа Рфонд анапхгаҩы Илиа Чукалин асоциалтә еизҳазыӷьаразы апроектқәа рынагӡаразы Урыстәылатәи агрантқәа роуразы арзаҳалқәа ралаҵашьа далацәажәеит. Аизарахь 80-ҩык рҟынӡа ауаа ааит.
Зегь раԥхьаӡа иргыланы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку абаҟақәа реиҭашьақәыргыларазы апроектқәа адгылара рыҭахоит.
Уи аԥхьа аполитикатә усзуҩ Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко диҳәеит Аԥсны амемориалтә ҭыԥқәа реиҭашьақәыргылара дацхраарц. Урыстәыла ахада Владимир Путин ари аԥшьгамҭа дадгылеит, ахада игрантқәа рфонд Аԥсназы иҷыдоу апрограмма анагӡара иалагаразы анапынҵа ҟаиҵеит.
Уи хықәкыс иамоуп аԥсуа жәлар Аиааира Ду аҿы иҟарҵаз алагала агәалашәара аиқәырхара. Аԥара абаҟақәеи, амемориалқәеи, аибашьцәа рыԥсыжырҭақәеи реиҭашьақәыргылара иазырхахоит.
"Ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит обиектк нмыжькәа зегьы рҭыԥ рықәҵара", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Афонд ахада.