АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Аҟәа Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыцҵоуп.
Аҟәа Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазаҿы иахәҭоу аиқәыршәагақәа зегьы шьақәыргылоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аҳаиртә баӷәаза аҳаиртә мҩангара аиҿкааразы адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Валери Чаплыгин.
"Ҳара 99% рҟынӡа ҳазхиоуп аштаттә режим ала аусура. Арадиотехникатәи аҳауагәаҭаратәи маругақәа алшара ҳарҭоит Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҿы аҳаирпланқәа рыхкқәа зегьы рыдкылара", — ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Чаплыгин иажәақәа рыла, аҳаирпланқәа ртәаратә системақәеи, аҳаирпланқәа ртәараан ацхыраара рызҭо иҷыдоу арадиостанциеи аус руеит. Аекипажқәеи адиспетчерцәеи рыбжьара аҳаиртә еимадаразы арадиостанциақәеи, иара убас, минуҭцыԥхьаӡа аҳауатә ҭагылазаашьа ҭызҵаауа аҳауатә станциеи аусура иалагеит.
"Ҳара ҳхы иаҳархәеит аспециалистцәа: аҳаирдиспетчерцәа, анџьнырцәа, аҳауагәаҭаҩцәа. Урҭ зегьы иақәнагоу аҵарақәа ирхысит, русура иалагеит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Валери Чаплыгин.
Иҳаҩсыз аҩашаҽны аҳаирбаӷәазаҿы ҽынлоума, уахынлоума аҳаирпланқәа атәара рылзыршо арлашаратә маругақәа ԥышәан. Аполитик Бадра Гәынба уаанӡа иҳәахьан аҳаирбаӷәаза ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза инаркны иаартхоит ҳәа. Уажәазы, ирҿыцу атерминал иарбан урыстәылатәи регионқәоу аҳаирпланқәа рыдкылара ахьалшо азы аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит.