Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" иаднакылеит раԥхьатәи аԥышәаратә ҳаирплан

© Sputnik / Леон Адлейба Сухумский Аэропорт
Сухумский Аэропорт - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2025
Анапаҵаҩра
Урыстәылантәи Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза раԥхьаӡа акәны 30 шықәса инареиҳаны рышьҭахь ареис мҩаԥыган.
АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Иахьа В. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза иаднакылеит апассаџьырцәа зҭатәаз аԥышәаратә ҳаирплан Москва – Аҟәа.
"Ҩажәижәаба шықәса инареиҳаны ашьҭахь, Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иаднакылеит акраамҭа ҳаззыԥшыз аҳаирплан", — иҳәеит Урыстәыла аҵара зҵо аԥсуа студентцәа ҳаирплан ала ирыцааз Бадра Гәынба.
"Сара исыӡбеит ҳстудентцәа ааԥхьара рысҭарц, раԥхьатәи аԥырра агәахәарақәа зегьы снырырц. Ҳара атуристтә сезон алагамҭа инаркны ҳазыԥшуп Урыстәыла ақалақьқәа рахь иааиԥмырҟьаӡакәа аԥыррақәа. Урыстәылаҟа аԥыррақәа ргеографиа аҽарҭбаауеит", —иҳәеит Гәынба.
© Sputnik / Леон Адлейба Первый прилет самолета в Сухумский Аэропорт
Сухумский Аэропорт - Sputnik Аҧсны
1/5
Первый прилет самолета в Сухумский Аэропорт
© Sputnik / Леон Адлейба Первый прилет самолета в Сухумский Аэропорт
Сухумский Аэропорт - Sputnik Аҧсны
2/5
Первый прилет самолета в Сухумский Аэропорт
© Sputnik / Леон Адлейба Первый прилет самолета в Сухумский Аэропорт
Сухумский Аэропорт - Sputnik Аҧсны
3/5
Первый прилет самолета в Сухумский Аэропорт
© Sputnik / Леон Адлейба Первый прилет самолета в Сухумский Аэропорт
Сухумский Аэропорт - Sputnik Аҧсны
4/5
Первый прилет самолета в Сухумский Аэропорт
© Sputnik / Леон Адлейба Первый прилет самолета в Сухумский Аэропорт
Сухумский Аэропорт  - Sputnik Аҧсны
5/5
Первый прилет самолета в Сухумский Аэропорт
1/5
Первый прилет самолета в Сухумский Аэропорт
2/5
Первый прилет самолета в Сухумский Аэропорт
3/5
Первый прилет самолета в Сухумский Аэропорт
4/5
Первый прилет самолета в Сухумский Аэропорт
5/5
Первый прилет самолета в Сухумский Аэропорт
Иахьа Аҟәаҟа ареис мҩаԥнагеит аҳаиртә еилахәыра "ЮВТ Аэро", иҟоуп егьырҭ аҳаиртә еилахәырақәагьы ари апроект алалара згәы иҭоу ҳәа азгәеиҭеит аԥсуа политикатә усзуҩ.
"Ҳәарада, ари ԥхьаҟа иҵегьы иҳарҿио, реиҳа ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп. Аԥсны аинфраструктура, атранспорттә еимадара армариара ҳтәыла аекономикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра иазырхоуп ", — иҳәеит Гәынба.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәазахь раԥхьатәи аԥышәаратә ԥырра қәҿиарала имҩаԥысит. Москватәи аҳаирбаӷәаза Внуково аҟынтәи ажәҩан иалалаз аҳаирплан еибга-еизҩыда ашьҭыԥраара-артәаратә цәаҳәаҿы итәеит.
1993 шықәса аахыс аҳаирбаӷәаза аԥыррақәа рзы иаркуп. Аиҭашьақәыргылара цоит Урыстәыла иабзоураны. Аҳәынҭқарра-хаҭалатә еиҩызаразы аиқәшаҳаҭра Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара 2023 шықәса абҵарамзазы анапаҵаҩра мҩаԥысит.
Споттинг в международном аэропорту Красноярска  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2025
Аԥсны
Урыстәылатәи "ЮВТ Аэро" Аҟәаҟа аԥырра иалагоит
Ажәабжьқәа зегьы
0