Шәача зымчхара 4.2 балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит. Мышкы аԥхьа зымчхара 3.9 балл иҟаз адгьылҵысра рнырит Тҟәаԥс.
Аҵарауаҩ лажәақәа рыла, аҳауеи аӡаҿи иҟоу аиҭакрақәа ирлыҵшәаны, 100-шықәса рыҩныҵҟа акырӡа рхыԥхьаӡара рацәахоит адгьылҵысрақәа. Урҭ еиҳарак ашәарҭара рыцӡаауеит ашьха ҭыԥқәа рҿы, анышәаԥшьи акьыри ахьыҟоу адгьылқәа рҿы.
"Кавказ шьха ҿақәоуп. Ирызҳауеит. Адгьыл анышьҭыҵуа иаҵоу ахылҩа-ԥсылуа аҳауахь ицоит. Ари ашәышықәса абжанӡа ҳазыԥшӡам адгьылҵысра ӷәӷәа, избанзар имаҷқәоу лассы-лассы иҟалоит. Урыстәыла ҳколлегацәеи ҳара иҳамоу аимадара иабзоураны иаабоит адгьыл аҿы апроцессқәа активра ацны ишымҩаԥысуа, аха ахылҩы-ԥсылҩа аныҟам ауп ианшәарҭароу", - ҳәа азгәалҭеит Ахсалԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.