Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ахсалԥҳа адгьылҵысрақәа рзы: адгьыл ахылҩа-ԥсылҩа аныҟам ауп ианшәарҭароу

Ахсалԥҳа адгьылҵысрақәа рзы: адгьыл ахылҩа-ԥсылҩа аныҟам ауп ианшәарҭароу
Анапаҵаҩра
Аԥсны аекологиа аинститут аусзуҩ, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Асида Ахсалԥа арадио Sputnik аефир аҿы Шәача иҟаз адгьылҵысра ахҳәаа алҭеит.
Шәача зымчхара 4.2 балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит. Мышкы аԥхьа зымчхара 3.9 балл иҟаз адгьылҵысра рнырит Тҟәаԥс.
Аҵарауаҩ лажәақәа рыла, аҳауеи аӡаҿи иҟоу аиҭакрақәа ирлыҵшәаны, 100-шықәса рыҩныҵҟа акырӡа рхыԥхьаӡара рацәахоит адгьылҵысрақәа. Урҭ еиҳарак ашәарҭара рыцӡаауеит ашьха ҭыԥқәа рҿы, анышәаԥшьи акьыри ахьыҟоу адгьылқәа рҿы.
"Кавказ шьха ҿақәоуп. Ирызҳауеит. Адгьыл анышьҭыҵуа иаҵоу ахылҩа-ԥсылуа аҳауахь ицоит. Ари ашәышықәса абжанӡа ҳазыԥшӡам адгьылҵысра ӷәӷәа, избанзар имаҷқәоу лассы-лассы иҟалоит. Урыстәыла ҳколлегацәеи ҳара иҳамоу аимадара иабзоураны иаабоит адгьыл аҿы апроцессқәа активра ацны ишымҩаԥысуа, аха ахылҩы-ԥсылҩа аныҟам ауп ианшәарҭароу", - ҳәа азгәалҭеит Ахсалԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0