Аԥсны

Габлиа Урыстәылаа иаанашьҭыз автобус школк иамырхит ҳәа ирыларҵәоу ажәабжь иашаӡам иҳәеит

Ааигәа Урыстәыла Аԥсны ҳамҭас ашколтә втобусқәа 20 анаҭеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Алаҳаӡы ақыҭа ашколқәа руак Урыстәылантәи иаарышьҭыз автобус амырхит ҳәа ирыларҵәоу ажәабжь иашаӡам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҵара аминистр и.н. Инал Габлиа.
"Ҳара иазаҳаӡбеит ақыҭа автобуск аҭазар иазхоит ҳәа. Уа идуум ҩ-школк ыҟоуп. Арҭ аҩ-школгьы втобуск рызхоит, ауснагӡатәқәеи аекскурсиақәеи рахь иаланыҟәаларц", — ҳәа иҳәеит Габлиа.
Иазгәеиҭеит, ашколқәа автобусла реиқәыршәара апроект излагаз ԥхьаҟагьы ишацҵахо.
Ишәгәалаҳаршәуеит, Урыстәыла Аԥсны ҳамҭас ашколтә втобусқәа 20 шанаҭаз аполитик Бадра Гәынба иҟаиҵаз аҳәарала. Автобусқәа иманшәалоу атәарҭақәа рыла еиқәыршәоуп, хаҭалатәи ашәарҭадаратә маҟақәа рыцуп, атәарҭақәа 20-ҩык рҭып ыҟоуп, игылоу иҭыԥ азгәаҭаӡам. Амҩа хьанҭақәа рҿы ахархәаразы иҟаҵоуп. нагараны иҟоуп.
Аԥсны
Урыстәыла Аԥсны ашколкәа ҳамҭас ҩажәа втобус ҿыц анаҭеит