Урыстәыла

Урыстәыла арегионқәа рҿы аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыкала 50 дрон ҭадырхеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Урыстәыла арегионқәа рҿы аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыкала 50 дрон ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа абжеиҳара 41 ак Белгородтәи аобласт аҿы иҭархан.
Даҽа️ 5 ҭархан Воронежтәи аобласт аҿы, ԥшьба — Ростовтәи аобласт аҿы.