Амра икаԥхо иҳалнаркаауеит Анцәа дшаҳхылаԥшуа, ажәлар алашара шрыцу, иага иуадаҩзаргьы аҭагылазаашьа, алҵшьа шырдыруа ҳәа иҳәеит Адлеиба аиҿцәажәараҿы.
"Ҳәарада, зхыԥхьаӡара маҷу амилаҭ, аха зҭоурых дуу, ихьыԥшым аҳәынҭқарра занашьоу, ҳҭакԥхықәра адунеи ауаажәларрақәа рыбжьара ажәлар рыҩнуҵҟа иҳаҵанакуа рацәаӡоуп. Убри аҵакы ҳазхәыцны ҳшьаҿа еихгашьа акраҵанакуеит. Ҳгәы ҳҭахәыцны, ҳажәлар рҭоурых ҳазхәыцны, ҭынч ҳаицәажәаны зшьаҿа еихызго жәларуп. Адунеи алакыҵаҿы ҳаҟоуп. Иҷыдоу ҭакԥхықәроуп аҳәынҭқарра аныҟәгара. Аҭыԥҳа ԥшӡа данухылҵлак, лныҟәгара мариоума, убри аҟынтәи, ажәлар зегьы ршьапы иқәгылоуп", - ҳәа иҳәеит Адлеиба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Алхрақәа схы рыласырхәуеит, схатә гәаанагара сымоуп. Еицысҵоит, еигсырхоит, лкаак ҟасҵоит.
Иахьа Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа цоит, атәыла алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы рышәқәа аадыртит асааҭ 08:00 рзы.
Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал. Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.
Абжьыҭаразы асиа иануп 134 500-ҩык алхыҩцәа, алхрақәа мҩаԥысит ҳәа ишьақәдырӷәӷәарцаз асиа иану алхыҩцәа рыбжа еиҵамзароуп зыбжьы азҭаз. Аԥсны иаартуп алхырҭатә ҭыԥқәа 152, даҽа ҩба атәыла анҭыҵ — Москвеи Черкесски.