https://sputnik-abkhazia.info/20250215/adleiba-aya-sha-danukhyllak-lnygara-mariouma---azhlar-zegy-rshapy-igyloup-1053781346.html
Адлеиба: аҭыԥҳа ԥшӡа данухылҵлак лныҟәгара мариоума - ажәлар зегьы ршьапы иқәгылоуп
Адлеиба: аҭыԥҳа ԥшӡа данухылҵлак лныҟәгара мариоума - ажәлар зегьы ршьапы иқәгылоуп
Sputnik Аҧсны
Аҟаза Амиран Адлеиба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит игәаанагара, избан алхрақәа ихы рылархәра ахәҭаны изыиԥхьаӡо. 15.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-15T11:10+0300
2025-02-15T11:10+0300
2025-02-15T17:27+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0f/1053781174_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_8c8fe989447c3110fea4f50e0d4f3dfc.jpg
Адлеиба: аҭыԥҳа ԥшӡа данухылҵлак лныҟәгара мариоума - ажәлар зегьы ршьапы иқәгылоуп
Sputnik Аҧсны
Адлеиба: аҭыԥҳа ԥшӡа данухылҵлак лныҟәгара мариоума - ажәлар зегьы ршьапы иқәгылоуп
Амра икаԥхо иҳалнаркаауеит Анцәа дшаҳхылаԥшуа, ажәлар алашара шрыцу, иага иуадаҩзаргьы аҭагылазаашьа, алҵшьа шырдыруа ҳәа иҳәеит Адлеиба аиҿцәажәараҿы."Ҳәарада, зхыԥхьаӡара маҷу амилаҭ, аха зҭоурых дуу, ихьыԥшым аҳәынҭқарра занашьоу, ҳҭакԥхықәра адунеи ауаажәларрақәа рыбжьара ажәлар рыҩнуҵҟа иҳаҵанакуа рацәаӡоуп. Убри аҵакы ҳазхәыцны ҳшьаҿа еихгашьа акраҵанакуеит. Ҳгәы ҳҭахәыцны, ҳажәлар рҭоурых ҳазхәыцны, ҭынч ҳаицәажәаны зшьаҿа еихызго жәларуп. Адунеи алакыҵаҿы ҳаҟоуп. Иҷыдоу ҭакԥхықәроуп аҳәынҭқарра аныҟәгара. Аҭыԥҳа ԥшӡа данухылҵлак, лныҟәгара мариоума, убри аҟынтәи, ажәлар зегьы ршьапы иқәгылоуп", - ҳәа иҳәеит Адлеиба.Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.Алхрақәа схы рыласырхәуеит, схатә гәаанагара сымоуп. Еицысҵоит, еигсырхоит, лкаак ҟасҵоит.Иахьа Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа цоит, атәыла алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы рышәқәа аадыртит асааҭ 08:00 рзы.Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал. Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.Абжьыҭаразы асиа иануп 134 500-ҩык алхыҩцәа, алхрақәа мҩаԥысит ҳәа ишьақәдырӷәӷәарцаз асиа иану алхыҩцәа рыбжа еиҵамзароуп зыбжьы азҭаз. Аԥсны иаартуп алхырҭатә ҭыԥқәа 152, даҽа ҩба атәыла анҭыҵ — Москвеи Черкесски.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0f/1053781174_87:0:1275:891_1920x0_80_0_0_a5105760bf6293bff6b6dc13fa2031ae.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио, аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
аԥсны, аподкаст, аудио, аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
Адлеиба: аҭыԥҳа ԥшӡа данухылҵлак лныҟәгара мариоума - ажәлар зегьы ршьапы иқәгылоуп
11:10 15.02.2025 (ирҿыцуп: 17:27 15.02.2025) Аҟаза Амиран Адлеиба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит игәаанагара, избан алхрақәа ихы рылархәра ахәҭаны изыиԥхьаӡо.
Амра икаԥхо иҳалнаркаауеит Анцәа дшаҳхылаԥшуа, ажәлар алашара шрыцу, иага иуадаҩзаргьы аҭагылазаашьа, алҵшьа шырдыруа ҳәа иҳәеит Адлеиба аиҿцәажәараҿы.
"Ҳәарада, зхыԥхьаӡара маҷу амилаҭ, аха зҭоурых дуу, ихьыԥшым аҳәынҭқарра занашьоу, ҳҭакԥхықәра адунеи ауаажәларрақәа рыбжьара ажәлар рыҩнуҵҟа иҳаҵанакуа рацәаӡоуп. Убри аҵакы ҳазхәыцны ҳшьаҿа еихгашьа акраҵанакуеит. Ҳгәы ҳҭахәыцны, ҳажәлар рҭоурых ҳазхәыцны, ҭынч ҳаицәажәаны зшьаҿа еихызго жәларуп. Адунеи алакыҵаҿы ҳаҟоуп. Иҷыдоу ҭакԥхықәроуп аҳәынҭқарра аныҟәгара. Аҭыԥҳа ԥшӡа данухылҵлак, лныҟәгара мариоума, убри аҟынтәи, ажәлар зегьы ршьапы иқәгылоуп", - ҳәа иҳәеит Адлеиба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Алхрақәа схы рыласырхәуеит, схатә гәаанагара сымоуп. Еицысҵоит, еигсырхоит, лкаак ҟасҵоит.
Иахьа Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа цоит, атәыла алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы рышәқәа аадыртит асааҭ 08:00 рзы.
Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал. Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.
Абжьыҭаразы асиа иануп 134 500-ҩык алхыҩцәа, алхрақәа мҩаԥысит ҳәа ишьақәдырӷәӷәарцаз асиа иану алхыҩцәа рыбжа еиҵамзароуп зыбжьы азҭаз. Аԥсны иаартуп алхырҭатә ҭыԥқәа 152, даҽа ҩба атәыла анҭыҵ — Москвеи Черкесски.