Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал.
Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.
Асааҭ 18:00 рзы ареспубликаҟны 79 019-ҩык ауааԥсыра рыбжьы рҭихьан, абжьыҭаразы асиа иануп 134 500-ҩык алхыҩцәа. Алхырқәа хыркәшан асааҭ 20:00 рзы.