Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа - 2025
Аԥсны атәыла ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысит жәабран 15 рзы.

Традициала ишаԥу алхратә ҭыԥқәа аартын асааҭ 8:00 рзы, раԥхьатәи алхыҩцәа рыбжьыҭара иазԥшуп.

Аԥсадгьыл аԥеиԥш аҽалархәра ишыхәыҷқәоу ирыларааӡоит, ари аҭыԥҳа хәыҷы макьана абжьыҭараз азин лымам, аха лан длыцхраауеит.

Абжьыҭара еилагарада имҩаԥысырц азы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хылаԥшра арҭоит.

Абжьыҭара иаауеит ҭаацәала, ирацәаҩуп ахәынҭқарра ахада иалхрақәа аҽрылархәра ируалԥшьоуп ҳәа изԥхьаӡо.

Аиҳабацәа ганха иаанымхеит, абжьыҭара инеиуеит аԥхьаҟа рмаҭацәа рыԥсҭазаара аиӷьхаразы.

Акырџьара алхырҭатә ҭыԥқәа еиҿкаан ашколқәеи еиуеиԥшым аусбарҭақәеи рҿы.

Абжьыҭара асхема мариоуп – алхыҩ алхыҩцәа рсиаҿы ихы иԥшаауеит, инапы аниҵоит, итәылауаҩ амҳәыр ақәырҵоит, насгьы абжьыҭаратә биуллетен ирҭоит.

Анаҩс зыбжьы азҭо алхыҩ иалихуа акандидат ихьӡ аганаҿ азгәаҭҷа ықәиргылоит, нас ауп акәылаԥ ианҭаиршәо.

Аԥсны иаартуп алхырҭатә ҭыԥқәа 152, дара аус руан асааҭ 20:00 рҟынӡа.

Асааҭ 18:00 рзы рыбжьы арҭахьан 55% алхыҩцәа.

Атәыла ахадас дҟалоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Алхырҭатә ҭыԥқәа рыҩналарҭаҿы икыдуп акандидатцәа рфотоқәеи рбиографиақәеи.

Алхырҭатә ҭыԥқәа Аԥсны анаҩсгьы Москвеи Черқесски иаартуп.

Алхырҭатә ҭыԥқәа рышәқәа адаркит асааҭ 20:00 рзы.

Абжьыҭара заатәи алҵшәақәа ртәы еилкаахоит жәабран 16 рзы.