Аԥсны

Аграфа "Зегьы сырҿагылоуп" аҩбатәи атур аангьы иҟалоит

Аԥсны ахада иалхрақәа заанаҵтәи адыррақәа рыла аҩбатәи ртур мҩаԥгахоит хәажәкыра 1 азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Зегьы ирҿагыланы Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы рыбжьы арҭеит 1380-ҩык ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
"Аграфа "Зегьы сырҿагылоуп" аҩбатәи атур аангьы иҟалоит, аԥҟарақәа ҳаԥсахӡом", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Актәи аҭыԥ зго акандидат иоуроуп егьи акандидати "Зегьы сырҿагылоуп" аграфеи еидкыланы ироуа абжьқәа иреиҳаны.
Уажәтәи адыррақәа рыла, аҩбатәи атур ҟалоит хәажәкыра 1 азы. Уи иалахәхоит актәи атур аҟны еиҳа абжьқәа рацәа ны изауз Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи.