АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Гагра араион аҿы иҟоу ахәыҷбаҳчақәа фба рҟынтәи хәба акарантин иҟоуп, авирустә инфекциақәеи агриппи реизҳара иахҟьаны.
Амза алагамҭа инаркны Гагра Араионтә хәшәтәырҭа хада иадҵаалахьеит 280-ҩык инареиҳаны ауаа, реиҳараҩык ахәыҷқәа роуп. Хәҭа-хәҭалатәи акарантин алагалоуп араион хә-школк рҟны, ачымазара 50% иахьеиҳахаз аклассқәа адаркит.
Араион АСЕС анаԥхгаҩы Емине Иазычԥҳа иҟалҵаз адыррақәа рыла, алабораториатә диагностика ишьақәнарӷәӷәеит зегь реиҳа ашәарҭара зҵоу А, Б ахкқәа агрипп алаҵәара шыҟоу.
"Уи еснагь амутациақәа ҟанаҵоит, антигентә структура аԥсахуеит. Сынтәа ҳара иаабоит ачымазара ажьырныҳәамза аҩшамҭа инаркны иахьаанӡа ачымазара аизырҳара ишаҿу", — ҳәа азгәалҭеит Иазычба Гагратәи ателехәаԥшра иалҭаз аинтервиу аҟны.
Араионтә АЕМ аҳақьым хада илҳәеит агрипп ауаҩы ихьыр шалшо аҳауаҿы иҟоу ацәыкәбарқәа рыла, ачысмаҭәа, мамзаргьы ачымазаҩ уицынхозар.