АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы Дмитри Қәычбериа имаҵура иамхра далацәажәеит (https://t.me/SputnikAbkhazia/26257) "Донбасс абнатә дивизиа" адҵаҟаҵаҩ, Донецктәи жәлар республика афырхаҵа Ахра Аҩӡба.
"Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат (Алхас Џьынџьал – азгә.) абри аҩыза азҵаара ықәиргылеит, ҳара иҳалшома аҳәаа ахьчара аурысцәа рыда ҳәа. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы иақәнаганы иҳәеит макьана ҳара уи ҳхала иҳалшом ҳәа. Ус анакәха уара унапынҵақәа узынагӡаӡом, ԥхьатәара уцароуп ҳәа иарҳәеит. Ус анакәха иахьа акандидатцәа абарҭ рҩызцәа азҵаарақәа рыӡбар рылшоит", — ҳәа иазгәеиҭеит Аҩӡба.