https://sputnik-abkhazia.info/20250217/ychberia-eieieit-imaura-iamkhra-shyalaz-1053822550.html
Қәычбериа еиҭеиҳәеит имаҵура иамхра шыҟалаз
Қәычбериа еиҭеиҳәеит имаҵура иамхра шыҟалаз
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Змаҵура иамырхыз Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Дмитри Қәычбериа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахадарахьы акандидат Адгәыр Арӡынба аҭел иара дизасны... 17.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-17T19:22+0300
2025-02-17T19:22+0300
2025-02-17T19:22+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/08/1051928085_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_c16b4b3fc0432af1ece9333afd292440.jpg
АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Змаҵура иамырхыз Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Дмитри Қәычбериа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахадарахьы акандидат Адгәыр Арӡынба аҭел иара дизасны ахада ин.н. Валери Бганба иахь днеирц шиеиҳәаз. Ахада ин.н. Бганба иҿы имҩаԥысыз аиԥылараан Арӡынба ида ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат Алхас Џьынџьалгьы дыҟан. Абас ишеилатәаз ауп имаҵура дшамырхыз шиарҳәаз. Қәычбериа иажәақәа рыла, Џьынџьал дҵааит Аԥсны Урыстәыла ацхыраара ыҟамкәа ҳхала ҳҳәаақәа ҳзыхьчома ҳәа. "Ишиашоу азҵаара соуит (ахада ин.н. В. Бганба иҟынтәи — азгә.) — абриаҟара урыстәылатәи амаҵурауаа иҟарҵои? Ус анакәха, уара унапынҵақәа рынагӡара улшаӡом", — ҳәа азгәеиҭеит Қәычбериа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/08/1051928085_117:0:1254:853_1920x0_80_0_0_c1cdeba10ce3d5a648ef6a8d6c568e71.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
ажәабжьқәа, аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
Қәычбериа еиҭеиҳәеит имаҵура иамхра шыҟалаз
АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Змаҵура иамырхыз Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Дмитри Қәычбериа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахадарахьы акандидат Адгәыр Арӡынба аҭел иара дизасны ахада ин.н. Валери Бганба иахь днеирц шиеиҳәаз.
Ахада ин.н. Бганба иҿы имҩаԥысыз аиԥылараан Арӡынба ида ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат Алхас Џьынџьалгьы дыҟан.
Абас ишеилатәаз ауп имаҵура дшамырхыз шиарҳәаз.
Қәычбериа иажәақәа рыла, Џьынџьал дҵааит Аԥсны Урыстәыла ацхыраара ыҟамкәа ҳхала ҳҳәаақәа ҳзыхьчома ҳәа.
"Ишиашоу азҵаара соуит (ахада ин.н. В. Бганба иҟынтәи — азгә.) — абриаҟара урыстәылатәи амаҵурауаа иҟарҵои? Ус анакәха, уара унапынҵақәа рынагӡара улшаӡом", — ҳәа азгәеиҭеит Қәычбериа.