АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Урыстәыла Аҳауахьчаратә мчқәа уахык ала иҭадырхеит 90 украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа. Абри атәы аанацҳаит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
38 ҳаирплан ҭадырхеит Азовтәи амшын аҿы,
24 – Краснодартәи атәылаҿацә аҿы,
15 – Ҟрым,
7 – Амшын еиқәаҿы,
2-2 – Курсктәии Ростовтәии аобластқәа рҿы,
1-1 – Бриансктәии Белгородтәии аобластқәа рҿы.
Иара убас иҭархоуп знапхгара алшо аракета "Нептун-МД" Азовтәи амшын аҿы.